"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы зегь раасҭа ишьаарҵәыру адаҟьақәа ируаку – 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз иамшуп.
Ҩажәи хԥа шықәса раԥхьа ақырҭуа ирхәҭақәа абџьарла рҽеибыҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иақәлеит, аԥсуа жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ирымаз агәазыҳәара мчыла ирымырхырц. Аха милаҭ рацәала еилоу ҳажәлар аӡәыкны хацәнмырха игылеит рыԥсадгьыл ахьчаразы.
413 мшы ицоз аибашьраҿы зықьҩыла ауаа ҭахеит. Ари ԥышәара ӷәӷәаны ирзыҟалеит ҳажәлар. Аха ҳажәлар уаҩы ихаҿы изаамго рылдыршеит, хьаҵрак ҟамҵакәа, агрессор дықәырцеит, рхақәиҭра рыхьчеит.
Хашҭра рықәым ҳажәлар ҭынч рыдгьыл аҟны анхара-анҵыразы, аизҳазыӷьаразы рзин ахьчара зхы ақәызҵаз Ҳфырхацәа.
Ари амш аҽны ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит ҳмилаҭтә ԥхьагылаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада – Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Уи еицкра змам ахачҳареи аиааира агәрагареи дырсимволны дҟалеит. Иара инапхгарала иалыршахеит ажәлар зегьы аӡәк еиԥш реидгылара, аиааирагьы ҳгеит.
Ҳара иаҳхашҭуам иара убас, иҭабуп ҳәа раҳҳәалоит хатәгәаԥхарала иааны иарӷьажәҩаны иҳадгылаз, ацхыраара ҳазҭаз зегьы.
Рыхьӡ кашәара ақәым аибашьра Афырхацәа. Урҭ рыхьӡқәа хьтәы нбанла Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ианызаауеит.
Иахьа ҳара зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарраҿы ҳанхоит. Уснагӡатә хаданы зегьы ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ҳҳәынҭқарра ахьчара, уи ашьаҭа арӷәӷәара, ҳкультуреи ҳекономикеи рыҿиара, иӷәӷәоу, иеизҳазыӷьо Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылара!»