Ахьӡ-Аԥша апрк аҟны ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аетеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Ахада ашәҭқәа шьҭеиҵеит, ҳаҭырла игәалаиршәеит Ахьӡ-Аԥша апрк аҟны збаҟақәа ықәгылоу аԥсуа ар рԥызаҩцәа — Аԥсны Афырхацәа Дбар Серге, Султана Сосналиев, Хәарҵкьиа Мушьни, Агрба Гиви, Аршба Владимир.