Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Гунба, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аетеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Ахада 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 33 шықәса аҵра инамаданы ари аԥхьа Аԥсны жәлар ааԥхьара ҟаиҵеит. Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит 413 мшы ицоз аибашьра шьаарҵәыратә хҭысны ишыҟалаз, аха уи ишаанарԥшыз ажәлар ахақәиҭразы ирымаз агәазыҳәара еицакра шамам, иҳәеит иахьагьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аиқәырхареи арӷәӷәареи рус аҟны аидгылара шаҭаху.
Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҟны Владислава Арӡынба ироль.
«Абри амш аҽны ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит ҳмилаҭтә ԥхьагылаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада – Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Уи еицкра змам ахачҳареи аиааира агәрагареи дырсимволны дҟалеит. Иара инапхгарала иалыршахеит ажәлар зегьы аӡәк еиԥш реидгылара, аиааирагьы ҳгеит», - ҳәа азгәаҭоуп Ахада иҟаиҵаз ааԥхьараҟны.