▫️ Аиԥылара далахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны раҭаара Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьҭаҵарала иахьхацдыркыз.
▫️ «Иахьатәи амш афырхаҵара зцу гәалашәаратә мшуп. Ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Ҳфырхацәа. Иҭабуп ҳәа шәасхәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла иахьышәгәалашәыршәаз», — иҳәеит Гәынба Гәынба.
▫️ Аиԥылараҟны аганқәа Аԥсни Санкт-Петербурги аԥхьаҟатәи русура иалацәажәеит.