Print this page
Ахәаша, 15 Нанҳәа 2025 11:07

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Иира амш идиныҳәалеит

 

▫️ Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп: 

 

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,

 

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа аҳәынҭқарратә усураҟны. 

 

▫️ Хәажәкырамзеи лаҵарамзеи рзы Москва ҳаиԥылара урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа ирымоу аиҩызаратә, аидгыларатә ҟазшьа шьақәдырӷәӷәеит. 

 

▫️ Ҳәарада, ҩ-ганктәи ҳусеицуразы актуалра злоу азҵаарақәа ирызку ҳусеицура иацаҳҵоит  - ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала, аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ралыршаразы».

 

 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Иира амш идырныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ анапхгаҩцәагьы:  Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Аԥыза-Министр Михаил Мишустин, Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко, Адәныҟатәи аԥшыхәра амаҵзура Адиректор Сергеи Нарышкин, Ҟабарда-Балҟариа, Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Санкт-Петербург, Ԥсковтәи аобласт, Башкорҭасҭан, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ асубиектқәа рхадацәеи афедералтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи.

 

▫️Ахада Иира амш идиныҳәалеит иколлега Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев.

 

▫Нанҳәамза 14 рзы аԥсны Ахада Гәынба Бадра 44 шықәса ихыҵит.

 

▫️ Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа АИХ иаиҭаз адырраҭара ала, аҳәынҭқарра Ахада аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы иира амш азгәеиҭаӡом, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара амш аҽны иарбанзаалак ныҳәак амҩаԥгара иашам ҳәа иԥхьаӡаны.

 

▫️ Ахада Иадминистрациа иара убас иацы адныҳәаларатә аацҳамҭақәа ркьыԥхьра мап ацәнакит.

 

 

Read 6 times Last modified on Ахәаша, 15 Нанҳәа 2025 11:10