Print this page
Ахәаша, 12 Цәыббра 2025 18:55

Аԥсны Ахада Пицунда ақалақь даҭааит

 

Аԥсны Ахада Пицунда ақалақь аҟны 8 шықәса раахыс арҿыцратә усурақәа ахьымҩаԥысуа ахәыҷбаҳча даҭааит. 

Ахада идҵала ҳазҭагылоу аамҭазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркуп. Уажәы ахәыҷбаҳчаҟны арҿыцратә усурақәа мҩаԥнагоит АУН «ГРСО Гәдоуҭа». Гәынба  Бадра урҭ рнапы ианиҵеит аамҭа кьаҿла аусурақәа рхыркәшара, иҟоу агхақәа рырҽеира. 

Ахада аҵара аминистр Хана Гәынба лнапы ианиҵеит аобиект азырхиара агәаҭареи ахархәаразы рыдкылареи иахылаԥшуа аусуратә комиссиа аԥҵара. 

Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит аштаттә еихшанҵа азырхианы ахәыҷбаҳча аусуҩцәа рыла реиқәыршәаразы. Араиони ақалақьи радминистрациақәа рнапы ианҵоуп аобиект ахьчареи иааиуа ашықәс азы аартреи.   

Анаҩс Ахада аспорттә комплекс ду аргылара ахьазгәаҭоу ашҭа дахәаԥшны ибеит.  Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп иеиуеиԥшым аспорт хкқәа рзы азыҟаҵарҭатә залқәа, аицлабрақәа ахьымҩаԥысуа ахыбрақәа рыргылара, иара убас аӡҭарчы аҟаҵара.

Иара убас иазԥхьагәаҭоуп аспортсменцәеи аицлабрақәа ирылахәхои рзы апансионқәа ахьыҟаҵахо ахыбра арҿыцра.  

Ахада иаҵшьны иҳәеит ас еиԥш аҵак ду змоу апроект лассы, қәҿиарала анагӡаразы Аԥсны анапхгара ахарџьқәа рыхәҭак ахы иадҵаны Гагра араион администрациа ацхыраара шанаҭо.

«Ҳақалақь ԥшӡа Пицунда агәҭаны иажәыз арҭ аобиектқәа гыламзароуп. Ара ақалақь ахәыҷқәеи ауааԥсыреи рҽахьазыҟарҵалаша аспорт иацентрны иҟалароуп», —иҳәеит Гәынба Бадра.

Анаҩс Ахада Пицундатәи акультура аҩнаҟны арҿыцратә усурақәа шымҩаԥысуа дахәаԥшны ибеит. Аусҳәарҭа адиректор, аҟазара зҽаԥсазтәыз артист Ҭемыр Агрба иҳәеит 22 шықәса раԥхьа иҟалаз абылра ашьҭахь ахыбра есааира абгара ишаҿыз.

Аха адиректор иажәақәа рыла Гагра араион Администрациа ахада Хагәышь Иури ибзоурала Акультура аҩны еиҭашьақәыргылоуп. Арҿыцратә усурақәа мҩаԥысуеит араион абиуџьет ала. Ирҿыцуп афоие, абиблиотека, агримҟаҵарҭа, хара имгакәа асценеи азали рырҿыцразы аусурақәа нап ддыркуеит.   

Ахада иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа рҽахьазыҟарҵо, афильмқәа иахьрыхәаԥшло, аиԥыларақәа, аизарақәа ахьымҩаԥысло ҳаамҭазтәи Акультура аҩны шыҟазаракәу. Гәынба Бадра абри инацҵаны иҳәеит аусурақәа зегьы рхаҭабзиара ишахылаԥштәу, ианаамҭоу ишхыркәшатәу.   

Read 27 times Last modified on Ахәаша, 12 Цәыббра 2025 19:02