Print this page
Ахәаша, 12 Цәыббра 2025 19:03

Ахада Лӡаа ақыҭа даҭааит

Ахыбра ҿыц аргылара мҩаԥысуеит иажәыз ахыбра аҭыԥан. Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2026 шықәса анҵәамҭазы.

Ахада иазгәеиҭеит атәылаҟны ауадаҩрақәа шыҟоугьы, ақыҭақәа рыҟны акультура аҩнқәа рыргылара иашаны ишымҩаԥысуа. Избан акәзар ара ахәыҷқәа жәлар рыкәашарақәа рҵоит, ашәаҳәара, амилаҭтә инструментқәа рыҟны ахәмаршьа ддырҵоит, ари амилаҭтә культура аиқәырхара иацхраауеит.   

Анаҩс аҳәынҭқарра Ахада Лӡаа ақыҭа школ даҭааит, ара арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи дрыҿцәажәеит.  

Гәынба Бадра иазгәеиҭеит актәи акласс аҵаҩцәа рхатәы бызшәала ибзиаӡаны ишцәажәо.  

«Шәхатәы бызшәа бзиа ижәбалароуп, шәалацәажәароуп»,— ҳәа реиҳәеит Ахада ахәыҷқәа данрацәажәоз.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас ибеит ашкол аҿы акттә зали акрыфарҭеи рзы аргыларатә усурақәа шцо. Иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа ргәабзиаразы рыфатә иамоу аҵак ду хшыҩзышьҭра шаҭатәу.

 Ахада адырра ирҭеит хара имгакәа аргылаҩцәа ахыби адәахьтәи аҭыӡқәеи рырҿыцразы аргылаҩцәа аусурақәа ишрылаго, урҭ сынтәа ишхыркәшахо. Анаҩс нап адыркуеит аҩныҵҟатәи арҿыцратә усурақәагьы.

 Гәынба Бадра араион анапхгареи аргылаҩцәеи рахь ихы рханы иҳәеит аусурақәа рхаҭабзиара хылаԥшра арҭаларц. 

«Ара аҵара зҵо ҳхәыҷқәа роуп, аусурақәа рхаҭабзиара зеиԥшроу еиԥш ауп даргьы рҭагылазаашьагьы, ршәарҭадарагьы шыҟало», — иҳәеит Ахада.

 
Read 17 times