Бзыԥ аҳабла
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Бзыԥ аҳабла абжьаратәи ашкол №1 аҭаарала, ара аспорттә зал ҿыц аартра мҩаԥысит. Ԥасатәи аспортзал аҭыԥан Гагра араион Администрациа ахарџь ала иргылан азал аҿыц. Иахьа ари ашкол аҿы аҵара рҵоит 518-ҩык аҵаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын аҵара аминистр Гәынба Хана, Администрациа ахада Хагәышь Иури, Апарламент адепутатцәа Барцыц Алхас, Беиа Ҭемыр.
Ахада иқәгылараҟны иаҵшьны иазгәеиҭеит абиԥара ҿыцқәа рааӡаразы аспорти абаҩрҵәыреи рырҿиара иамоу аҵакы.
Гәынба Бадра аԥхьаҟа ипатриотхараны иҟоу абиԥарақәа рааӡара иаҿу арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убас аспорттә обиектқәа реиҭашьақәыргылареи рыргылареи рҿы араион Администрациа алшамҭақәа азгәеиҭеит.
Аҵара аминистр Гәынба Хана илҳәеит аҵаҩцәа ганрацәала рыҿиаразы аспортзал ҿыц аартра акрызҵазкуа шьаҿаны ишыҟоу.
Анаҩс Ахада даҭааит ашкол ахыбраҟны иҟоу Бзыԥ ақыҭа иалҵыз иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку амузеии аетнографиатә музеии.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас актәи акласс аҵаҩцәа рурок ахьцоз дыҩнаԥшит, аҵаҩцәа дрыҿцәажәеит.
Пицунда ақалақь
Аԥсны Ахада Пицунда ақалақь аҟны 8 шықәса раахыс аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа ахәыҷбаҳча даҭааит.
Ахада идҵала ҳазҭагылоу аамҭазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркуп. Уажәы ахәыҷбаҳчаҟны арҿыцратә усурақәа мҩаԥнагоит АУН «ГРСО Гәдоуҭа». Гәынба Бадра урҭ рнапы ианиҵеит аамҭа кьаҿла аусурақәа рхыркәшара, иҟоу агхақәа рырҽеира.
Ахада аҵара аминистр Хана Гәынба лнапы ианиҵеит аобиект азырхиара агәаҭареи ахархәаразы рыдкылареи иахылаԥшуа аусуратә комиссиа аԥҵара.
Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит аштаттә еихшанҵа азырхианы ахәыҷбаҳча аусуҩцәа рыла реиқәыршәаразы. Араиони ақалақьи радминистрациақәа рнапы ианҵоуп аобиект ахьчареи иааиуа ашықәс азы аартреи.
Анаҩс Ахада аспорттә комплекс ду аргылара ахьазгәаҭоу ашҭа дахәаԥшны ибеит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп иеиуеиԥшым аспорт хкқәа рзы азыҟаҵарҭатә залқәа, аицлабрақәа ахьымҩаԥысуа ахыбрақәа рыргылара, иара убас аӡҭарчы аҟаҵара.
Иара убас иазԥхьагәаҭоуп аспортсменцәеи аицлабрақәа ирылахәхои рзы апансионқәа ахьыҟаҵахо ахыбра арҿыцра.
Ахада иаҵшьны иҳәеит ас еиԥш аҵак ду змоу апроект лассы, қәҿиарала анагӡаразы Аԥсны анапхгара ахарџьқәа рыхәҭак ахы иадҵаны Гагра араион администрациа ацхыраара шанаҭо.
«Ҳақалақь ԥшӡа Пицунда агәҭаны иажәыз арҭ аобиектқәа гыламзароуп. Ара ақалақь ахәыҷқәеи ауааԥсыреи рҽахьазыҟарҵалаша аспорт иацентрны иҟалароуп», —иҳәеит Гәынба Бадра.
Анаҩс Ахада Пицундатәи акультура аҩнаҟны арҿыцратә усурақәа шымҩаԥысуа дахәаԥшны ибеит. Аусҳәарҭа адиректор, аҟазара зҽаԥсазтәыз артист Ҭемыр Агрба иҳәеит 22 шықәса раԥхьа иҟалаз абылра ашьҭахь ахыбра есааира абгара ишаҿыз.
Аха адиректор иажәақәа рыла Гагра араион Администрациа ахада Хагәышь Иури ибзоурала Акультура аҩны еиҭашьақәыргылоуп. Арҿыцратә усурақәа мҩаԥысуеит араион абиуџьет ала. Ирҿыцуп афоие, абиблиотека, агримҟаҵарҭа, хара имгакәа асценеи азали рырҿыцразы аусурақәа нап ддыркуеит.
Ахада иаҵшьны иҳәеит, ахәыҷқәа рҽахьазыҟарҵо, афильмқәа иахьрыхәаԥшло, аиԥыларақәа, аизарақәа ахьымҩаԥысло ҳаамҭазтәи Акультура аҩны шыҟазаракәу. Гәынба Бадра абри инацҵаны иҳәеит аусурақәа зегьы рхаҭабзиара ишахылаԥштәу, ианаамҭоу ишхыркәшатәу.
Лӡаа ақыҭа
Ахада Лӡаа ақыҭа иаҭааараан дахәаԥшны ибеит Акультура аҩны аргылара шымҩаԥысуа. Ахыбра ҿыц аргылара мҩаԥысуеит иажәыз ахыбра аҭыԥан. Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2026 шықәса анҵәамҭазы.
Ахада иазгәеиҭеит атәылаҟны ауадаҩрақәа шыҟоугьы, ақыҭақәа рыҟны акультура аҩнқәа рыргылара иашаны ишымҩаԥысуа. Избан акәзар ара ахәыҷқәа жәлар рыкәашарақәа рҵоит, ашәаҳәара, амилаҭтә инструментқәа рыҟны ахәмаршьа ддырҵоит, ари амилаҭтә культура аиқәырхара иацхраауеит.
Анаҩс аҳәынҭқарра Ахада Лӡаа ақыҭа школ даҭааит, ара арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи дрыҿцәажәеит.
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит актәи акласс аҵаҩцәа рхатәы бызшәала ибзиаӡаны ишцәажәо.
«Шәхатәы бызшәа бзиа ижәбалароуп, шәалацәажәароуп»,— ҳәа реиҳәеит Ахада ахәыҷқәа данрацәажәоз.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас ибеит ашкол аҿы акттә зали акрыфарҭеи рзы аргыларатә усурақәа шцо. Иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа ргәабзиаразы рыфатә иамоу аҵак ду хшыҩзышьҭра шаҭатәу.
Ахада адырра ирҭеит хара имгакәа аргылаҩцәа ахыби адәахьтәи аҭыӡқәеи рырҿыцразы аргылаҩцәа аусурақәа ишрылаго, урҭ сынтәа ишхыркәшахо. Анаҩс нап адыркуеит аҩныҵҟатәи арҿыцратә усурақәагьы.
Гәынба Бадра араион анапхгареи аргылаҩцәеи рахь ихы рханы иҳәеит аусурақәа рхаҭабзиара хылаԥшра арҭаларц.
«Ара аҵара зҵо ҳхәыҷқәа роуп, аусурақәа рхаҭабзиара зеиԥшроу еиԥш ауп даргьы рҭагылазаашьагьы, ршәарҭадарагьы шыҟало», — иҳәеит Ахада.
Гагра ақалақь
Гагра ақалақь аҟны аҳәынҭқарра Ахада араионтә санитепидстанциа ахыбра ҿыц даҭааит. Ԥаса ари ахыбра ажәны, хархәара амамкәа игылан. Шьаҭанкылатәи арҿыцратә усурақәа рышьҭахь ирҿыцуп: амаҵзуратә уадақәа еиқәыршәоуп, иара убас ахимиатәи абактериологиатәи лабораториақәагьы. Ари аусбарҭа аӡы, афатәтә аалыҵ анализ рызнауеит, аинфекциатә чымазарақәа рдиагонстика мҩаԥнагоит, есышықәса зқьы инареиҳаны ауаа аднакылоит.
Анаҩс Ахада Абазгцәа рымҩаҟны иҟоу зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа ахәыҷбаҳча даҭааит. Ахыбра Гагра араион Администрациа абаланс ахь ииагоуп, уажәы арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит араион ахарџьқәа рыла. Аусурақәа лассы ихыркәшахоит. 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдкылара зылшо ахәыҷбаҳча афатәтә блок азы маҭәахәлеи убас егьырҭ амаҭәахәқәеи рыла реиқәыршәара иаҿуп. Аусурақәа зегьы ашықәс ҿыц аҟынӡа ихыркәшахароуп.
Ахада асоциалтә обиектқәа рырҿыцра знапы иану, уи иалахәу зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Гагра араион ахада инапы ианиҵеит аусурақәа рымҩаԥысшьа хаҭала дырхылаԥшларц.