Print this page
Ахәаша, 12 Цәыббра 2025 21:28

Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиуоуп:


  • ааигәа иҟалаз аӡхыҵрақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра;

    • абзазаратә црыҵқәа ралгареи ахархәара рыҭареи реиҿкаара;

    • имҩаԥысраны иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рҽырзыҟаҵара.

     Аилацәажәараан Ахада иазгәеиҭеит аекологиатә шәарҭадара — Аԥсны анапхгаразы хадара злоу хырхарҭоуп, абзазаратә црыҵқәа ралгареи ахархәара рыҭареи реиҿкаара — ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рзы аҵак ду змоу уснагӡатәны ишыҟоу.
    «Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳтәылауааи ҳасацәеи рекологиатә шәарҭадара алыршаразы», — иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.

     Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа хархәара рыҭара инамаданы аԥышәа амдаразы аилацәажәарахь иааԥхьан Шәача анаплакқәа руак ахаҭарнакцәа. Урҭ ацрыҵқәа ралгареи, реихшареи, ацрыҵқәа реиларҵәыӷьара, иара убас шықәсык 4 миллион кубтә метр инареиҳаны ацрыҵ хархәара аҭаразы ақәҿиара змоу рԥышәа иалацәажәеит.    

Ахада аԥыза-министр Делба  Владимири Гагра араион Администрациа ахада Хагәышь Иурии рнапы ианиҵеит инарҭбааны шәачатәи аилахәырақәа рԥышәа аҭҵаара, урҭ рхаҭарнакцәа инацҵаны рыҿцәажәара, Гагра араион аҟны икьакьоу абзазаратә црыҵқәа хархәара рыҭаразы аԥышәаратә проект аԥҵара азҵаара алацәажәара.   
   Апроект аекологиатә нормақәа инарықәыршәаны агәам-сам алгареи, аихшареи, аус адулареи азԥхьагәанаҭоит.
 Ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа Ахада адырра ирҭеит иҟалаз аԥхасҭа ду атәы. Еиҳа аԥхасҭа ҟалеит Аҟәа ақалақьи, Аҟәа араиони Гәылрыԥшь араиони.
 Урҭ амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи рзы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ртәы иалацәажәеит.  
 
 Аӡхыҵра ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иазку ауснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапы ианиҵеит аԥхасҭа зауз араионқәа рыҟны ҩнаҭацыԥхьаӡа ирҭааны ауааԥсыра максималла ирҭаху ацхыраара рыҭара.

Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы адырра иҭаразы, иаҵшьынгьы иҳәеит аԥхасҭа зауз аҭыԥқәа рыҟны ирласны, лыҵшәа аманы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡашьа хаҭала хылаԥшра шриҭало.

 Гәынба Бадра Шьаҭанкылатәи аргыларақәа русбарҭа иадиҵеит иԥхасҭахаз амҩақәа зегьы инҭырҳәыцааны рыҭҵаара. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭатәуп ацҳақәеи аҵыргәатә ҭыӡқәеи рҭагылазаашьа.   

Ахада иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа ирласны, зхаҭабзиара ҳараку ахәшьара аҭара шаҭаху арҿыцратә усурақәа разԥхьагәаҭареи атранспорттә еимадарақәа реиҭашьақәыргылареи рзы.  

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәыз аилацәажаәараҟны Ахада иара убас далацәажәеит имҩаԥысраны иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа ирызку азҵаарақәа. 

 
Read 28 times