Print this page
Ашәахьа, 15 Цәыббра 2025 15:49

Гәынба Бадра Никарагуа Ареспублика ахадацәа Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп: 


 «Ҳаҭыр зқәу ахадацәа,

 Аԥсны жәлыр рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит  Ахьыԥшымра амш!


 Ари аныҳәа символра азнауеит никарагуатәи ажәлар ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азини рзы фырхаҵарала имҩаԥыргоз ақәԥара. Уи  Аԥсны жәларгьы ирзааигәоу аиашара аидеиалқәеи ахьыԥшымреи рыцәхьамҵра иазҳәоуп. 
 

 Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Никарагәеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа, аҵак ду арҭоит  аԥхьаҟатәи ҳусеицура арӷәӷәара.

 Ҳаҭыр зқәу ахадацәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа ҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә  усураҟны, Никарагуа ажәлар -  аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара».

 
Read 26 times Last modified on Ашәахьа, 15 Цәыббра 2025 16:29