Print this page
Ахәаша, 19 Цәыббра 2025 21:24

Аԥсны Ахада Алада Уаԥстәыла даҭааит

Аҳәааҿы аҳәынҭқарра Ахада диԥылеит Алада Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев. Аҳәынҭқарра ахада иԥылеит амилаҭтә кәашарақәа рыла, ачыс  рнапы иқәыргыланы.

 

Иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Ахадеи Алада Уаԥстәылатәи иколлегацәеи реиԥылара.

 

Аҳәынҭқарра Ахада  Гәынба Бадра аныҳәатә парад аҿы дықәгылараны дыҟоуп.

 

Арҭ амшқәа рзы Цхьынвал имҩаԥысуеит Алада Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарра ашьақәгылара 35 шықәса ахыҵра иазкны актәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аахыҵ Уаԥстәыла: Аинвестициатә лаԥшҳәаақәа".

 

Аныҳәа азгәаҭареи афоруми рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь Ахадара анаԥхгаҩы Агрбеи Ҭемыри  Цхьынвал ақалақь Ахадара ахада Алан Габараеви ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә қалақьтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩраны иҟоуп.

 

Бадры Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала раԥхьаӡаакәны Алада Уаԥстәыла даҭааит.

 
Read 14 times Last modified on Ахәаша, 19 Цәыббра 2025 21:40