Аԥсны Ахада Алада Уаԥстәыла Аиҩызара Аорден ианашьоуп
Алада Уаԥстәыла Ахада Алана Гаглоев Иусԥҟала Аԥсны Ахада Гәынба Бадра ианашьоуп иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа — Аиҩызара Аорден — Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аусеицураҟны хаҭалатәи илагаламҭазы.
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иҳәеит ас еиԥш иҳараку аҳәынҭқарратә ҳамҭа аҵак ду шамоу, иаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ажәларқәа риашьаратә еизыҟазаашьақәа символра шазнауа.