Print this page
Аԥшьаша, 25 Цәыббра 2025 21:17

Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра Адҵа ҟаиҵеит архәҭатә гәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» алархәны,ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҽырзыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы

 

АДҴА

 

Ишьақәырӷәӷәоу Ахықәкы хада инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоу аҿҳәара иҭагӡаны имҩаԥгазааит архәҭатә гәыԥқәа «Мрагылареи» «Мраҭашәареи» алархәны, ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа.  

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәи аусбарҭақәа ацхыраара рыҭара аиҿкаара  амобилизаиатә зҵаарақәеи аҵакырадгьылтә хыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рыҟны, азыҟаҵарақәа раан аурҭ русура ахылаԥшра амҩаԥгара. 

 

▫️   Атәылахьчара аминистри Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыштаб Хада аиҳаби  

 

  • архәҭақәа разыҟаҵара иацҵаны амҩаԥгара арҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рыӡбаразы;

 

  • азхәыцралатәи адыргақәа рышьақәыргылара, иара убас урҭ рыԥкрақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭазааит Пилотда аԥырра аппаратқәа рхархәара изқәиҭыԥ аҭыԥқәа рыҟны, иара убас ирыхьчо аобиектқәа ирзааигәаны;

 

  • оператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рылҵшәақәа анализ рзура, атәыла хьчара аҽазыҟаҵаразы лыҵшәа змоу ауснагӡатәқәа ирызку, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа изызку ауснагӡатәқәа рынагӡара разыҟаҵара, иара убас амобилизациа аиҿкаареи аҵакырадгьылтә хьчареи рзы ажәалагалақәа разырхиара

 2025 шықәса абҵарамза 10-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҟны инаганы ахцәажәара;

 

  • аибашьра аамҭа иаҵанакуа апланқәа нхарҭәааны араионқәа рҵакырадгьылтә хьчара штабқәа, рымчқәа радԥхьалара;

 

  • архәҭақәа, амчқәа, азыҟаҵара-еибашьратә уснагӡатәқәа рҽырзыҟаҵара иазку ахархәагақәа апрактикаҟны русура ахысырҭақәа рыҟны аибашьратә хысрақәа рымҩаԥгарала.

 

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарра  аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа адиректор:

 

  • хаҭала азыҟаҵарақәа ирылахәзааит иааныркыло амаҵзурақәа инарықәыршәаны;

 

  • рнапаҵаҟа иоу амчқәеи аусбарҭақәеи аҽазыҟаҵарақәа раан разыҟаҵара еиҿыркааит;

 

Аҽазыҟаҵарақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рнапхгара: 

 

  • архәҭақәа, амчқәа, ахархәагақәа имҩаԥырго апрактикатә усқәа раан ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәара алдыршааит;

 

  • жәлар рынхамҩа аобиектқәеи атәылауаа рхазхаҭалатәи ахатәреи аԥхасҭа рыҭара алдмыршааит;

 

  • администрациақәа рхадацәа архәҭақәа, амчқәа, ахархәагақәа гәыԥ-гәыԥ рҽеихшара ахырхарҭақәа ақәдыршаҳаҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рколоннақәа рыцныҟәара алыршаны.   
 
Read 9 times Last modified on Аԥшьаша, 25 Цәыббра 2025 22:14