Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира ду Аныҳәа аламҭалазы имҩаԥысыз ари аусмҩаԥгатә хаҭала иҽалаирхәит, иамоу аҵак ду азгәаҭаны.
Ахада иаԥшьгара адгылара арҭеит, иагьеиҿыркааит «Аԥсны Акоманда» алахәцәа, иара убас араионқәа зегьы рхадацәеи аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәеи.
Ахадеи Администрациа аусзуҩцәеи аԥшаҳәа иаԥну апарк дрыцқьон.
«Асубботник – Аныҳәа ду аламҭалазы ҳакзаара, ҳтәыла иҵегьы арԥшӡаразы иҳамоу агәазыҳәара аныԥшит», –иҳәеит иаҵшьны Гәынба Бадра.
Аҳәынҭқарра Ахада атәылауаа аҭакԥхықәреи Аԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабареи аарԥшны, асубботник ахь ицәырҵыз, аусмҩаԥгатә зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.