Print this page
Ашәахьа, 29 Цәыббра 2025 23:33

Лыхны ақыҭаҟны зхы иақәиҭу ақәԥареи абокси рсекциа аартра мҩаԥысит



Аспорттә залқәа реиҭашьақәыргыларазы аусура хацыркын Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адҵала. Ари азы азыӡба аҳәынҭқарра Ахада идикылеит лаҵарамза 18 рзы Гәдоуҭа араион ахь иусуратә ныҟәараан.  

 Аспорттә секции ақыҭа администрациа азалқәа руак аҟны иҟоуп, ахыбра афасад Ахада идҵала еиҭашьақәыргылоуп.   


 Убри аан аҳәынҭқарра Ахада усҟан иазхьаирԥшит арҿыцра-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан аобиект аҭоурыхтә ҵакы ҳасаб шазутәу архитектуратә ҷыдарақәеи акультуратә ҵаки реиқәырхаразы, Акультура аҩны Лыхнашҭа акомплекс ишаҵанакуа, культуратә ҭынханы ишыҟоу азгәаҭаны.   


 Азалқәа раартра иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Лыхнашҭа. Уи алахәын Аԥсны Ахада Гәынба бадреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани.

 Азал аартра аусмҩаԥгатә аҟны иқәгылараан адунеи ачемпион зхы иақәиҭу ақәԥаразы Аолимпиатә хәмаррақәа рыҟны аџьазтә ԥхьахә занашьоу Царгәыш Денис Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аспортзал ҿыц азы, уи аҿар рзы, аспорт арҿиареи, иааизакны атәылазы иамоу аҵак ду азгәаҭаны. 

Ахада иҳәеит апроект анагӡара шхацыркыз Аԥсны  зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Лазба Нарчоу ақыҭаҟны ахәыҷқәа разыҟаҵаразы аҭагылазааша шыҟам азгәаҭаны, аҳәынҭқарра Ахада даниҳәа анаҩс. 


 «Иаразнак ҳцаны аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳбеит, азыӡба шьҭаҳхит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Иахьа ари азал ашәқәа аартуп. Жәаҩыла ахәыҷқәа аԥхьатәи амшқәа инадыркны асекциақәа рахь рҽанырҵеит. Сгәы иаанагоит, ас еиԥш иҟоу апроектқәа роуп аҿар қәҿиарала реиҵааӡаразы, ганрацәала рырҿиаразы лшара бзианы иҟоу ҳәа»,  — иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.

Аҳәынҭқарра Ахада аргылаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргаз зхаҭабзиара ҳараку аусуразы, аспорттә зал иахәҭоу маҭәахәыла ишеиқәыршәоу азгәаҭаны.   
 

Ахада иаҵшьны иҳәеит ақыҭа аиқәырхара аҳәынҭқарра аргылараҟны аҵак ду змоу уснагӡатәны ишыҟоу. 
 

Ақыҭуаа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аспорт зал аартразы.
Нарчоу Лазба иара убас Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иажәалагала адгылара ахьаиҭаз азы, азал аартра ҳамҭак иаҩызаны ишрыдыркылаз аныҳәа ду аламҭалазы. 

 
Read 4 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 00:09