Print this page
Ашәахьа, 29 Цәыббра 2025 23:53

Гәынба Бадра Лыхнытәи ашкол аҟны зыргылара мҩаԥысуа ашьапылампыл асразы ашҭа маҷ дахәаԥшны ибеит

 
 

Аусурақәа мҩаԥнагоит Амуниципалтә иаку анаплакы  «ГРСО Гудаута». Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит аобиект арӷәӷәареи, анҵыреи, аестетикеи реиӷьтәразы иазку аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуазы.



 Ахада адҵа ҟаиҵеит апроект ала иазԥхьагәаҭоу аҭахкаагақәа еихатәыла рыԥсахразы. Гәынба Бадра иаҵшьны иҳәеит ашҭа ҿыц афункционалтәра адагьы, естетикала улаҿы иааиуа ишыҟазаракәу.  Ахада иаԥшьгарала апроект иалаҵан атрибуна аргыларагьы. 

Гәынба Бадра Аҳәынҭстандарт адҵа аиҭеит аусура ахылаԥшра, аҭахкаагақәеи атрибунеи ахаҭабзиареи ашәарҭадареи рыстандартқәа ирықәшәартә аҟаҵаразы.  


 Амуниципалтә иаку анаплакы  анапхгаҩы Дикран Хынҭәба Ахада адҵа ииҭеит аусурақәа ҩымз рыҩныҵҟала рхыркәшаразы. Ари аҿҳәара иҭагӡаны  ахҟьа шьҭаҵахоит, астадион ахархәарагьы иазхиахоит. 

Read 3 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 00:04