Урҭ Аҟәа жәларбжьаратәи аспорттә проект ахацыркразы аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа аихамҩатә станциа Кьалашәыр иаҭааит.
Апроект Аԥсны Ахада иҟны апрезентациа азиуит акадртә еицлабра «Аԥсны акоманда» афиналист Габуниа Гьаргь ари аԥхьа, нанҳәамзазы Сергеи Кириенко ивизит аан.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Аӡҩыбжьа ақыҭаҟны иԥсабаратәу, иԥсабаратәым аелементқәа рыла ишьақәгылоу аԥынгылақәа ркомплекс аԥҵара мҩаԥысуеит.
«Аԥснытәи аҳәаа» аспорттә еицлабрақәеи акультуратә программеи еидызкыло иуникалтәу форматуп. Уи шьақәыргылахоит аԥышәеимдарақәа, аконцертқәа, аетнопрограмма рыла.
Апроект иадԥхьалахоит Урыстәылеи ааигәатәи аҳәаанырцәи рыҟнытә аспортсменцәа, иара убас уи аҩныҵҟатәи атуризм арҿиара иазкуп. Аусмҩаԥгатәқәа рхацыркра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы.