Print this page
Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 15:37

Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны Ахьӡ-Аҧша апарк аҿы аныҳәатә аусмҩаԥгатә мҩаҧысит

 

Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бигәаа Беслан, Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аҧыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша,  Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы  Ешба Беслан, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, Алада Уаҧстәыла аҧыза-министр Константин Џьусоев, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аусмҩаҧгатә иара убас иалахәын Урыстәылатәи Афедерациеи Алада Уаҧстәылеи рыҟнытә ҳаҭыр зқәу асасцәеи аделегациақәеи.

Read 5 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 22:05