Апараддтә ныҟәара иацын аоркестр.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи аныҳәатә парад иалахәызи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит:
▫️ " Афырхаҵареи Аԥсадгьыл абзиабареи ирсимволны иҟалаз ари амш иахьагьы ҩнаҭа цыԥхьаӡа ахьаагьы ацуп, агәадурагьы. Избан акәзар Аиааира амш иахҭнаҳҵаз рацәоуп.
Зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит. Зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра урҭ ршьала икәабоуп. Аԥсуа жәлар ыҟанаҵы наунагӡа ргәалашәараҿы иҟазаауеит ҳфырхацәа рыхьыӡқәа.
Иахьа акыр шықәсқәа рышьҭахь ибзианы иеилаҳкаауеит: ахьыԥшымразы ақәԥара макьанагьы ишхыркәшам. Қырҭтәыла аполитикцәа иахьагьы рыгәҭакқәа ирыцәхьаҵуам. Амч ахархәара мап ацәкразы аикәшаҳаҭра аҵаҩра ргәы иҭаӡам. Аха ҳара ҳаԥсадгьыл ахьчара ҳазхиоуп. Уи азы есааира арӷәӷәара ҳаҿуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара арра-техникатә усеицзура", — иазгәеиҭеит Б.Гәынба.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иқәгылараҿы иҳәеит:
«Иаҵшьны исҳәарц сҭахуп, ари амш иҷыдоу мшуп, 33 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны жәлар гылеит рыдгьыл гәакьаҟны аҟазааразы, рбызшәа, рҭоурых ахьчаразы. Урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылеит Аԥсны ԥсадгьылс изыԥхьаӡо аерман, аурыс, аеллин милаҭқәа реидгыларақәа. Урыстәыла усҟан шәара ишәыдгылан. Ҳара иаҳгәалашәоит Урыстәыла арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз аказакцәа, Приднесторовиа аибашьцәа. Аԥсны жәлар ирыцхраарц иааз зегьы. Ари Аиааираҟны инаигӡаз ароль дуӡӡоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба. Иара игәамч ӷәӷәа, иҟәыӷара, амилаҭ реидкыларазы илаз аҟыбаҩ Аиааирахь инанагеит».
Иара убас имҩаԥысит «Ԥсра зқәым аполк» аныҟәара. Акциа иалахәыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥара иалахәыз рыуацәеи рҭынхацәеи рфотосахьақәа кны иқәсит.