Ааԥхьараҟны иаҵшьны иҳәоуп аԥсуа жәлар рзы Аиааира иамоу аҭоурыхтә ҵакы, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара ишазхиоу шьақәырӷәӷәаны.
«Ари аныҳәа ахьыԥшымразы, имариамыз ақәԥараҟны ахы иақәиҭны анхаразы азин ахьчара зылшаз Аԥсны жәлар ргәымшәареи иаадырԥшыз ахачҳареи ртәы аҳәоит Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аидгылареи астратегиатә ҟазшьа змоу аусеицуреи қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Агәра згоит аринахысгьы ахырхарҭақәа зегь рыла лыҵшәа змоу аусеицура аизырҳара шҳалшо», – ҳәа азгәеиҭеит Владимир Путин иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.