Print this page
Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 17:09

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-Аԥша амузеи иаҭааит

Амузеи Адиректор, Аԥсны Афырхаҵа Беиа Мзиа Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои рзы аекскурсиа мҩаԥылгеит.

 

Амузеи данаҭаа ашьҭахь Сергеи Кириенко аҳәамҭа ҟаиҵеит амузеи урыстәылатәи агранттә программа ишалахәхо, уи апрограммала аусбарҭа арҿыцреи аԥхьаҟатәи аусуреи рыҟны ацхыраара шалнаршо азы. Изыхәҭоу анапынҵаҭара ҟалоит хара имгакәа. Амузеи анапхгара Сергеи Кириенко иҭабуп ҳәа ианаҳәеит ари азыӡбазы. 

Read 2 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 22:04