Print this page
Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 21:21

Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны имҩаԥысит Багаԥшь Сергеи Имемориал аҟны ашәҭшьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә

Ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Делба Беслан, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко, аҧыза-министр Делба Владимир, Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Ашәба Лаша, аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, Алада Уаҧстәыла аҧыза-министр Константин Џьусоев, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәразы иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа.

 
Read 4 times