Аҧсны Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны апарк хәыҷы комплексла аиҿкаара иазку аусурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Нижний Новгород ақалақь администрациа иҟанаҵо адгыларала.
Аргыларатә усурақәа аобиект аҟны 2025 шықәса абҵарамза 20 рҟынӡа ихыркәшахароуп ҳәа иазԥхьагәаҭоуп. Апроект Урыстәылеи Аԥсни рсубиектқәа рыбжьара аусеицура арҿиара иахәҭакны иҟоуп.
Сергеи Кириенко ари аобиект ахәаԥшраан иазгәеиҭеит араион ауаа рацәа ишаланхо, убри аҟнытә аныҳәақәа раан адәахьы идәылҵны иахьеиқәшәо, иахьеибабо аҭыԥ рымазароуп ҳәа.
Аҳабла ҿыц ауааԥсыра ганрацәалатәи ацхырараазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахад Владимир Путин ихьӡала иҭабуп рҳәеит.