Print this page
Ацәыргақәҵатә зал хада аартхоит жьҭаарамза 1 азы. Аофициалтә хҭыс адырҳәалоит зымҽхак ҭбаау ацәыргақәҵа «Аладатәи ажәҩан аҵаҟа», уа ицәыргақәҵахоит Аҧсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа.
Кириенко Сергеи иныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны ацәыргақәҵа ҳамҭас иаиҭеит еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба исахьа "Абрыскьыл", Аҧсны жәлар рҭоурыхи ркультуратә ҭынхеи реимадара символра азызуа.
Ацәыргақәҵатә зал шьаҭанкылатәи арҿыцра иабзоураны иаҧҵахоит ҳаамҭа иақәшәо амузеитә ҭыҧ аҧҵара, иара убас жәларбжьаратәи астандартқәагьы ирықәшәо, ибеиоу амилаҭтә сахьаркыратә коллекциа аӡыргаразы алшара ҿыцқәа.