Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа. Абри амш аҽны ҳара гәыкала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп изызҳауа абиԥара реиҵааӡареи аҵара дырҵареи рзы хамеигӡара ҟамҵакәа имҩаԥыжәго аусуразы!
Шәара шәоуп адыррақәа инарываргыланы ахәыҷқәа ирылазааӡо Аԥсадгьыл абзиабара, ҳ-Аԥсадгьыл иаҵеицәақәаны, патриотцәа иашақәаны иҟазҵо.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан ззанааҭ аанмыжькәа ашкол аиқәырхара зылшаз, абиԥарақәа аҵараиура иалхәдамкәа иҟазҵаз. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит абри азы, акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!
Хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит имариам аамҭақәа рзы аҵак дуӡӡа змоу арҵаҩ изанааҭ алызхыз, аиҳабацәа ирывагыланы иреиӷьу ҳашколқәа рыртрадициақәа реихаҳара иаҿу арҵаҩцәа ҿарацәа.
Иахьа аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵоит аҵараиурҭақәа рыҟны аҭагылазаашьа аиӷьтәразы: ашколқәа рырҿыцра, аспорттә шҭақәа раартра мҩаԥысуеит, рҵага шәҟәыла, зыда ԥсыхәа ыҟам маҭәахәыла реиқәыршәара азҵаарақәа рыӡбара иаҿуп. Аҳәынҭқарра аринахысгьы аҵара система ҷыдала хшыҩзышьҭра анаҭалоит.
Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡара ҿыцқәа. Иҟазааит есқьынгьы шәыҩнаҭақәа рыҟны аҭынчра, ахирра, шәџьабаа иаԥсахааит шәааԥсара зду шәҵаҩцәа.
Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа!