Print this page
Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 12:52

Гәынба Бадра Мураҭ Кумпилов Ареспублика амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иԥа!

 

Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Адыгеиа Ареспублика ажәлар зегьы ирыдысныҳәалоит Ареспублика 35 шықәса ахыҵра! 

 

Ари адыга жәлар рҭоурыхи рҳәынҭқарра ашьақәгылареи рзы акрызҵазкуа мшуп.

Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала Адыгеиа Ареспублика асоциал-економикатә ҿиараҟны аихьӡара бзиақәа амоуп, шьаҿа ӷәӷәала ԥхьаҟа ацара иаҿуп Урыстәылатәи Афедерациа аиҩызара зыбжьоу ажәларқәа рҭаацәара иалагыланы. 

 

Аԥсни Адыгеиеи азеиԥш ҭоурыхи, акультуреи, атрадициақәеи шьаҭас измоу аишьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Ҳара иаҳхашҭӡом Аԥсназы иуадаҩыз аамҭақәа раан Адыгеиа аҵеицәа иҟарҵаз ацхыраара. Урҭ ҳҳәынҭқарра ахьчараҿы рлагаламҭа ахааназы еицакра змам ҳаиашьара иасимволны инхоит.

 

Сгәы иаанагоит лыҵшәа змоу ҳаиҩызара аԥхьаҟагьы иӷәӷәахалоит ҳәа ҳреспубликақәа реизҳазыӷьара ахьӡала.

 

Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Адыгеиа жәлар реизҳазыӷьара иазку аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, Ареспублика иқәынхо ажәлар – аҭынчра, ахирра!».   

 
Read 2 times