Print this page
Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 20:57

Аҧсны Ахада Гәынба Бадра Гагра араион ахақәиҭтәразы адныҳәалара ҟаиҵеит

"Акыр иаҧсоу Гагра араион ауааҧсыра, ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Гагра араион ауааҧсыреи Аҧсны иқәынхо ҳауаажәлар зегьи ишәыдыснҳәалоит Гагра араион ахақәиҭтәра амш. Ари арыцхә наунагӡа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ианылоит раҧхьатәи иааираны, Аиааира хадахьы ҳназгаз акәны.

Ари ахҭыс ҳаибашьцәа ргәамч шьҭнахит, ҳажәлар ргәы еизнарҳаит, ҳаӷацәа ргәыӷрақәа хнарбгалеит. Ари аиааира аҵакы ахә ашьара уадаҩуп - хықәкыла адунеи зегьы ианарбеит Аҧсны жәлар ахақәиҭра ишазықәҧо, ҧхьаҟатәи рҧеиҧш лашазы хьаҵрак шыҟарымҵо.

Ари аныҳәа амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа, зыҧсҭазаара Гагра ахақәиҭтәра иахҭнызҵаз. Ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәәит, русҧшьа ацҵара ҳара иаҳуалҧшьаны иҳаҧхьаӡоит.

Гагратәи араион - Аҧсны мраҭашәаратәи агәашәқәа роуп, уи ҳара ҳгәадуроуп. Иахьа аҿиарамҩа иануп, ахаҿра арҧшӡоит, аинфраструктура аҽаҧсахуеит, аҭагылазаашьа ҿыц аҧнаҵоит аҧсҭазаара аиӷьтәразы. Ари зегьы - Гагра араион атәылауаа рыҧсадгьыл ахь ирымоу абзиабара аанарҧшуеит.

Аҭоурыхтә ҵакы змоу амш аҽны  акыр иаҧсоу гаграа, аҧсуа жәлар зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа!

Ҽаанбзиала шәнеилааит!

 
Read 1 times