Print this page
Ашәахьа, 20 Жьҭаара 2025 18:55

Ахада аицлабра «Амузыка – анаӡааӡареи аҳәааи рыла иԥкым диалогуп» ажиури алахәцәа дырԥылеит

▫️

 

▫️ Аиԥылара иалахәын акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, апроект акуратор Белла Агрба.

 

▫️ Аицлабра-лабораториа ахыркәшара мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаарамза 21 инаркны 23-нӡа. 

 

▫️ «Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Урыстәыла ажәларқәеи ҳареи ҳабжьара аиашьаратә, акультуратә, адоуҳатә еимадарақәа реиқәырхара.  Жәаҳәарада, шәара ҳара, ҳара ҳтәылақәа реимадара шәацхраауеит.  Лыӡбахә сымҳәар ҟалом ҳџьынџьуаҩы Алиса Шалва-иԥҳа, акультурала ҳаизыҟазаашьақәа рымҽхак зырҵаулаз. Ҳара ас еиԥш злагаламҭа дуу ауаа ҳрызгәдууп.   

 

▫️ Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит, иҭабуп ҳәагьы сҳәоит ҳкультуратә еимадарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟашәҵо азы», — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

▫️ Алиса Гыцба Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, хаҭала апроект иаиҭаз адгыларазы, акультуратә еимадарақәа рырҿиара зҿлымҳара ахьаиҭо азы. 

 

▫️ «Сара сзы гәахәароуп иахьа ҳахьшәыдышәкылаз, абас аԥхарра аҵаҵаны. Хаҭала Шәаргьы, Акультура аминистррагьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит есышықәса изызҳауа ҳапроект есқьынгьы адгылара ахьашәҭо азы», — лҳәеит Алиса Гыцба.

 

▫️ Аскар Абдразаков Гәынба Бадра дидныҳәалеит, Аԥсны Ахада иаҳасабала инаигӡо ароль азгәаҭаны, иаҵшьны иҳәеит ҷыдала дшазгәдуу Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ихҵоу ахьӡ.  

 

▫️ «Гәахәара дула ишәыдысныҳәалоит иссиру Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәахьалху. Сара сзы гәадуроуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ исыхҵоу. Иҭабуп, исышәҭаз агәрагаразы. Иҭабуп ҳәа ласҳәоит ҳаидызкылаз, бзиа иаҳбо ҳ-Алиса Гыцба», — иҳәеит Аскар Абдразаков.

 

▫️ «Сара уажәада смааӡацызт шәреспублика шьахә ашҟа. Абри амш ала збара сахьӡаз — аԥшӡароуп, аԥхарра знубаало ауаа роуп. Иҭабуп ҳәа ласҳәоит Алиса Шалва-иԥҳа жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы ааԥхьара исылҭаз азы. Избан акәзар амузыкеи аоператә ҟазареи, иааизакны аҟазара, авокалтә ҟазара ажәларқәа реидкылара зылшо ауп», — иазгәеиҭеит Евгени Хохлов.

 

▫️ IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа — академиатә вокали аконцертмеистерцәеи рхаҭарнакцәа рзы есышықәсатәи хҭысуп. Аицлабра мҩаԥысуеит Москвеи Аҟәеи Акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонди Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи иҟарҵо адгыларала. 

Read 45 times Last modified on Ашәахьа, 20 Жьҭаара 2025 18:59