Print this page
Ахәаша, 24 Жьҭаара 2025 19:12

Гәынба Бадра Аҧсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба 75 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

▫️ Адныҳәаларатә шәҟәаъы иҳәоуп:

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Кьасоу Золотинск-иҧа!

▫️ Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи!

▫️ Шәара 50 шықәса инарзынаҧшуа аҧсуа милаҭтә театр амаҵ азура иазышәкит. Уи аамҭа иалагӡаны ҟазара ҳаракыла инашәыгӡеит  ахәаҧшцәа рыбзиабара шәзаазгаз, ргәалашәараҿы инхаз арольқәа. Иара убас имаҷым қәҿиарала шәахьыхәмарыз акиносахьақәагьы.

▫️ Ирацәоуп шәџьабаа  аҧсуа театр азы акадрқәа реиҵааӡара аус аҿы. Еснагь шәрызҿлымҳан аҟыбаҩ змоу аҿар, урҭ ацхыраара рышәҭон.

▫️ Аҟазара инаваргыланы, еснагь шәалахәын ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара. Аҳәынҭқарреи ҳауаажәлари шәырзааҧсон еснагь, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы шәыҟан Жәлар Реизара адупутатс, акультура аминистрс.

▫️ Иахьа уажәраанӡагьы ааҧсарак шәықәымкәан шәнапы алакуп бзиа ижәбо, шәыҧсҭазаара ззышәкыз актиор изаанаҭ, ахәаҧшцәа шәыргәырӷьоит шәҟазарала. 

▫️ Акыр иаҧсоу Кьасоу Золотинск-иҧа, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, ашықәсынҵыра рацәа, амилаҭ театр аӡыргараҿы ақәҿиара дуқәа. Наунагӡа ишәыцзааит ашықәсқәа ирылган иаажәго ахәаҧшцәа рыбзиабара.

▫️ Ҽааныбзиала шәнеиааит!»

Read 26 times Last modified on Аԥшьаша, 30 Жьҭаара 2025 11:24