• Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр еиҭеиҿкаазааит Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» ҳәа Аҧсны Аҭҵаарадырратә Академиа аилазаара иалаҵаны.
• Ишьақәыргылоуп Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аусура иацнаҵалоит аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа.
• Аҧсны Аҭҵаарадырратә Академиа ишьақәыргылоу аҧҟара инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» Аҧҟаҧҵәа шьақәнарӷәӷәароуп, иалнаршароуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициаҟны иара аҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩра.
• Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициаҟны Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» Аҧҟаҧҵәа аҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩра анымҩаҧгаха инаркны 2006 шықәса жәабран 13 аҟнытә "Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҧҵаразы" Аҧсны Ахада Иусҧҟа амч ацәыӡит ҳәа иазхаҵоуп.