Print this page
Ашәахьа, 27 Жьҭаара 2025 10:14

Аҧсны Ахада Гәынба Бадра Аҧсны жәлар Аҧсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит

Адныҳәаларҿы иазгәаҭоуп:

«Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит ҳажәлар рзы лымкаала аҵак ҷыда змоу аныҳәа-Аҧсуа бызшәа амш. Шықәсык ахь мышкы абызшәа иамшны ишрылаҳәоугьы, ҳмилаҭ рзы амшқәа зегь ҳхатәы бызшәа иазкызароуп. Уи ҳмалқәа зегь ирмалуп, уи ҳаиқәырхагоуп, ҳгәадуроуп. 

Аҧсуа бызшәа ижәытәӡатәиу абызшәақәа ирхыҧхьаӡалоуп, уи аиқәырхара уалҧшьоуп ҳара ҳзы, уи иаанаго ҳмилаҭ аиқәырхара ауп. 

Аҳәынҭқарра анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит аҧсуа бызшәа адгылара аҭаразы. Абжьаратә школқәа рҿы аҧсуа бызшәа арҵаҩцәа руалафахәы иацҵоуп. Ас еиҧш иҟоу аусхкқәа ирыцҵахоит. Аусбарҭақәа рҿы аиҧыларақәеи аизарақәеи ҳәынҭқарратә бызшәала иахьымҩаҧырго ахыҧхьаӡара есааира иацлоит. Ахшыҩзышьҭра аҭоуп изызҳауа аҿар агәцаракра роурц азы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа аҧсуа бызшәа рыларҵәара. 

Шәааи, еиқәҳархап ҳбызшәа ҧшӡа, ҳцәажәалап аҧсышәала, идҳарҵап ҳҳәыҷқәа, ирылаҳааӡап уи агәыбылра. 

Ҩнаҭацыҧхьаӡа иҩныҩлааит наунагӡа аҧсуа бызшәа, наунагӡа иҟазааит аҧсуа жәлар, иҟазааит Аҧсуа ҳәынҭқарра!»

Read 20 times