Версия для печати
Среда, 01 октября 2025 00:23

Гаглоев Алан Гәынба Бадреи аҧсуа жәлари Аиааиреи Ахьыҧшымреи 32 ш. ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

"Ари аҭоурыхтә рыцхә шәтәыла аҭоурых наунагӡа ианхалоит афырхаҵареи, аӷәӷәареи, ахьамҵреи ирсимволны.

 Усҟантәи аамҭазы имҩаҧысуаз ахҭысқәа шаҳаҭра руеит аҧсуа жәлар рдоуҳа аӷәӷәара, ахьыҧшымра азықәҧара, ҧхьаҟатәи аҧеиҧш лаша азнеира.


Ҳарҭ ҳажәларқәа аиашьартә еимадареи азеиҧш лахьынҵеи еиднакылоит, уи аамҭа иҧнашәахьеит.

 Алада Уаҧстәылеи Аҧсни еснагь еидгылоуп - ианыцәгьоу, иара убас иангәырӷьароу амшқәа рзы.

Агәра згоит, арҭ аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы ҳусеицуреи, ҳагәреибагареи, ҳаилибакаареи шьаҭас ишроуа.


Ҳаҭыр зқәу, Бадра Зураб-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аихьӡарақәа,  Аҧсны жәлар - аҭынчра, ақәҿиарақәа, аҳәынҭқарра аҿиареи аизҳазыӷьареи рыхьӡала".

 
Прочитано 14 раз Последнее изменение Среда, 01 октября 2025 01:19