▫️ Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иҳәеит:
▫️ «Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауаа!
▫️ Ишәыдысныҳәалоит Шәыԥсадгьыл иашәҭаз иԥшьоу Арратә ҭоуба адкылара.
▫️ Шәара есқьынгьы ижәдыруазароуп шәыԥсҭазаараҿы знык ҭоуба шыжәуа. Аԥсны аруаҩ иаҳаҭыр ҳаракны инажәгалароуп.
▫️ Иахьа инаркны шәара шәара шәҟазшьа, шәхаҵара аарԥшра шәалагоит. Шәнапхгаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа рыгәрагара шәаԥсахааит.
▫️ Ишәхашәмыршҭлан шәышьҭахьҟа Шәыԥсадгьыл шыҟоу.
▫️ Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари амш!»
▫️ Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҭоуба зуыз аруаа ҿыц рыҩныҵҟа дыҟан Ахада Ихаҭыԥуаҩ иԥа – Бигәаа Леон.