АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҳәынҭқарратә комиссиа Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоуп 2026 шықәса жәабранмза 12 рзы. Уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭақәа рырҿиаразы акомиссиа иацҵаны иахәаԥшит Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба иеиҭашьақәыргылоу инышәынҭратә мемориалтә хаҳә Аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абаа» аҵакыраҿы анаҩс ашьақәыргыларазы аҭыԥ алкаара азҵаара.  
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьы аиҭеит иара дахьынхо аҭыӡҭыԥ ала Очамчыра ақалақь аҟны. Ахада Ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит, Урыстәыла инеиԥынкыланы ҳтәыла адгылара шанаҭо. Иҳәеит, Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ишыруалу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рахь абжьыҭара.
 Аусмҩаԥгатә далахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешба.  ️️ Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Ахада Ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит иахьатәи аиԥылара аԥсны-урыстәылатәи аекономикатә усеицура аҿиаразы аусура акрызҵазкуа хәҭаны ишыҟоу. Иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аусеицура есааира амҽхак аҭбаахара ишаҿу, ари апроцесс аҿы аҭыԥ ҷыда шааннакыло аустә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара ишиашоу имҩаԥысуа аиҿцаара.
Иахьа Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәарҭоит. Аныҳәа инамаданы ақалақь-фырхаҵа аҿы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. 
Иахьа, нанҳәамза 30 рзы, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Очамчыра иамҩаԥысит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны 1992-1993ш.ш. рзы хабарда ибжьаӡыз ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. 
Аныҟәарақәа хықәкыс ирымоуп ақалақь 804 ш. ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәра. 
Уаҟа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала хатәгәаԥхарала аибашьра иалахәыз аветеранцәа рахь ааԥхьара иҟаиҵаз даԥхьеит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа:
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.
Аҭагылазаашьа сахцәажәар сҭахуп Ахада ихаҭыԥуаҩык иаҳасабала акәымкәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иаҳасабала, аибашьраҿы иҭахаз иҭаацәа рхаҭарнак иаҳасабала.