Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.
Арҭ аминуҭқәа рзы имҩаԥысуеит аныҳәатә концерт ду. Уи иаҭааит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешба, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа.