Атурнир аартра аусмҩаԥгатә далахәын Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Џьергьениа Светлана, еицырдыруа аспортсменцәа Рашь Хәытаба, Багаҭелиа Борис, зхы иақәиҭу ақәԥара зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Бениа Ӡука.
Аицлабрақәа мҩаԥысуеит ҩымш. Урҭ ирылахәхоит 170-ҩык инареиҳаны Аԥсны, Адыгеиа, Севастополь, Шәача, Краснодар аспортсменцәа .
«Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аицлабра ламысла, уатәнатәуа, иухамышҭуа имҩаԥысырц, аӡбаҩцәа ганкы иадымгыло, ари аицлабра аихьӡара ҿыцқәа рзы раԥхьатәи шьаҿаны иҟаларц», — иҳәеит Бигәаа Беслан.
Аицлабра мҩаԥысуеит Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иусԥҟала ирылаҳәоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны.