Print this page
Аҩаша, 16 Цәыббра 2025 14:47

Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Урыстәыла Ахада Иадминистрациа ахаҭарнакцәа идикылеит

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҿар руаажәларра-патриоттә ааӡареи аветеранцәа адгылара рыҭаразы аԥышәеимдареи русхк аҟны аусеицура иазку азҵаарақәа.

 

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада Иадминистрациа Агуманитартә политика аусбарҭа аиҳабы    Виктор Бебиеи ИАО аветеран, урыстәылатәи Агәымшәара Аорден занашьоу Аҩӡба Алиаси.

 

Павел Рыжинскии Александр Уриупини Аԥсны рыҟазаараан иазԥхьагәарҭеит Аԥсны араионқәа рҭаара, Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, аветерантә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рԥылара. 

Read 24 times Last modified on Аҩаша, 16 Цәыббра 2025 14:52