▫️ Ахада Ихаҭыԥуаҩ иаҵшьны иҳәеит амилаҭтә спорт ахкқәа рырҿыхара амилаҭ ахаҿра аиқәырхаразы аҵак ду шамоу, иазгәеиҭеит ари апроцесс аҿар ралахәра ҷыдала агәахәара шунаҭо.
▫️ Аицлабра хацыркын жьҭаарамза 27 рзы, Аҟәа. Уи иалахәуп аҟәатәи ашколқәа №1 и №5 ркомандақәа «Ҷлоу», «Кәтол», Афонҿыцтәи «Аԥсар». Аицлабрақәа хә-хәҭакны ишьақәгылоуп, Аԥсны ақыҭақәа алахәуп.
▫️ Иара убас ихадароу аицлабра инаваргыланы имҩаԥысуеит 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара аицлабра. Уи иалахәуп Аҟәа, Дәрыԥшь, Ԥақәашь, Ҷлоу хаҭарнакра рзызуа акомандақәа хәба.