- 20-Жьҭаара-2026 Бадра Гәынба IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа рыҟны дықәгылеит
- 19-Жьҭаара-2026 Бадра Гәынба Олег Барцыц Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит
- 19-Жьҭаара-2026 Ахада Елена Владимир-иԥҳа Маан «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит
- 19-Жьҭаара-2026 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны Ахада ихьӡала аспирантцәа рзы иҷыдоу аҳәынҭқарратә стипендиа ҩынтә еиҳахоит
- 19-Жьҭаара-2026 Бадра Гәынба агәаҭара-аужьратә ҭыԥқәа русура аихшьалақәа дрыхцәажәеит
- 16-Жьҭаара-2026 Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум ааиртит
АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
-
23-Цәыббра-2026
Қьалышьбеи Чачба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Бигәаа акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарратә комиссиа Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоуп 2026 шықәса жәабранмза 12 рзы.
Уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭақәа рырҿиаразы акомиссиа иацҵаны иахәаԥшит Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба иеиҭашьақәыргылоу инышәынҭратә мемориалтә хаҳә Аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абаа» аҵакыраҿы анаҩс ашьақәыргыларазы аҭыԥ алкаара азҵаара.
-
20-Цәыббра-2026
Беслан Бигәаа УА Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы ибжьы риҭеит
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьы аиҭеит иара дахьынхо аҭыӡҭыԥ ала Очамчыра ақалақь аҟны.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит, Урыстәыла инеиԥынкыланы ҳтәыла адгылара шанаҭо. Иҳәеит, Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ишыруалу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рахь абжьыҭара.
-
15-Цәыббра-2026
Беслан Бигәаа «Аус знапы алаку Урыстәыла» аделегациа дырԥылеит
Аусмҩаԥгатә далахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешба.
️️ Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Ахада Ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит иахьатәи аиԥылара аԥсны-урыстәылатәи аекономикатә усеицура аҿиаразы аусура акрызҵазкуа хәҭаны ишыҟоу. Иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аусеицура есааира амҽхак аҭбаахара ишаҿу, ари апроцесс аҿы аҭыԥ ҷыда шааннакыло аустә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара ишиашоу имҩаԥысуа аиҿцаара.
- 07-Цәыббра-2026 Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Гәдоуҭа ақалақь Амш азгәаҭара далахәын
УКАЗЫ И РАСПОРЯЖЕНИЯ ПРЕЗИДЕНТА
-
28-Нанҳәа-2025
Аԥсны Ахада Бассарион Аԥлиаа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Иусԥҟала Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҷыдалатәи хаҭалатәи илшамҭақәа рзы, Аԥсны Аишахаҵаратә Ныха гәцаракрала амаҵ ауреи аиҭеираҟны илагамҭеи рзы, иара убас адоуҳа-леишәатә қьырсиантә традициақәа реиқәырхареи рырҿиареи, Аныхеи аҳәынҭқарреи реимадара арӷәӷәареи рзы Бассарион Аԥлиаа ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара.

