
Ешба Беслан Фиодор-иԥа
диит 1967 шықәса ԥхынҷкәынмза 23 рзы.
1985 ш. далгеит Н.А. Лакоба ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10
1992 ш. Аҟәа ақ. Аҳәынҭқарратә ақыҭанхамҩатә институт (ААИ) далгеит. Азанааҭ – анџьныр-технолог ала.
1986 ш. инаркны 1988 шықәсанӡа СССР Арбџьар Мчқәа рыҟны аррамаҵзура дахысуан.
1992-93 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҳәынҭқарратә мчхара иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыхьчара амаҵзура аилазаараҟны дыҟан.
Аибашьрашьҭахьтәи аилахәырақәа рымҩаԥысраан Аҟәатәи абаталион далан, адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2008 шықәса Кәыдрытәи аоперациаҟны 4-тәи Аҟәатәи абригада адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
1994 ш. инаркны 1995 шықәсанӡа Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба идҵа инақәыршәаны Москва ақ. аҟны "Аԥсны Аиҭарҿиара афонд" дахагылан, агуманитартә цхыраарала ареспубликахь ааимҭақәа реиҿкаара аус инапы алакын.
1996 ш. жәабранмза инаркны 1999 ш. жәабранмзанӡа аекномикатә зҵаарақәа рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩыс дыҟан.
1999 ш. инаркны 2005 шықәсанӡа Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәы" напхгара аиҭон.
2007 ш. инаркны 2010 шықәса — Ак.Б "Универсал-банк" Ахеилак ахантәаҩыс дыҟан.
2010 ш. нанҳәамза инаркны 2011 ш. цәыббрамзанӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра ахада ицхырааҩыс дыҟан.
2012 ш. лаҵарамза инаркны 2013 шықәса мшаԥымзанӡа — Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс дыҟан.
2013 ш. мшаԥымза 30 инаркны Аԥсны Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс даҭан.
2014 шықәса рашәарамза 14 рзы Ешба аԥыза-министр имаҵзураҟнытә ихы иақәиҭтәразы арзаҳал алаиҵеит.
2015 ш. нанҳәамза инаркны 2016 ш. нанҳәамзанӡа – АУЕ "Аԥсадгьыл" анапхгаҩыс дыҟан.
2016 ш. нанҳәамза инаркны 2018 ш. ажьырныҳәамзанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс дыҟан.
2020 ш. мшаԥымза инаркны Аҟәа ақ. администрациа ахадас дыҟан.
2025 ш. хәажәкырамза инаркны Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа анапхгаҩыс даҭоуп.
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс дыҟоуп. Дҭаацәароуп.
Ҩыџьа ахшара имоуп.