АБИОГРАФИА

Бигәаа Беслан Владимир-иԥа

Бигәаа Беслан Владимир-иԥа

Диит 1971 шықәса ԥхынгәымза 28 рзы Аҧснытәи АССР Тҟәарчал ақалақь аҿы.

1988 шықәсазы далгеит Очамчыратәи абжьаратә школ №4.

Уи ашықәсан Ивановтәи ақыҭанхамҩатә институт дҭалоит. 1990 шықәсазы диасуеит Мрагылара-украинатәи аҳәынҭқарратә университет амашьынаргылара афакультет ахь.

1992-1993 шш. рзы далахәын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Деибашьуан Гәмысҭатәи афронт аҿы, анаҩс Мрагыларатәи афронт ахь диасуеит.

Аибашьра ашьҭахь далахәын Очамчыратәи ачаӡырҭа зауад аиҭашьақәыргылара, еиҭа иҵара иациҵоит латәарадатәи аҟәшаҿы.

1998 шықәсазы далгоит Мрагылара-украинатәи аҳәынҭқарратә университет “Автомобилқәеи, автомобилтә ргылареи” рзаанаҭ ала.

1999 шықәсазы диасуеит Москваҟа, абизнес инапы алакын Москва ақалақь, 2019 шықәса инаркны иара убас Аҧсынгьы.

2021 шықәса мшаԥымза 12 инаркны Очамчыра араион Ахада инапынҵақәа наигӡон. 2021 шықәса лаҵарамза 14 рзы Араионтә Еизара ны Очамчыра араион Ахадас дшьақәырҕәҕәан.

Зхы иақәиҭу ақәҧаразы СССР аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп.

Дҭаацәароуп, хҩык аҧацәа драбуп.