АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара. Аусмҩаԥгатә далахәын аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
2026 шықәса жәабранмза 12 рзы Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Адҵа инапы аҵаиҩит ари Акомиссиа аԥҵаразы.  
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан аибашьра аветеран Елена Водзинскаиа дылҭааит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаны Аиааира 81 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан аибашьра аветеран Нонна Дорофеева дылҭааит.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны имҩаԥысыз акциа «Агәалашәара амца» далахәын.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра иазку арратә парад аҽазыҟаҵара даҭааит. Аусмҩаԥгатә далахәын иара убас Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани рнапхгарала Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа аусзуҩцәа Азеиԥшреспубликатә субботник иалахәын. 
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Б.Е. аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар рартист Ақаҩба Валери ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны асахьаҭыхҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, Аԥсны Афырхаҵа Џьапуа Баҭал хаҭалатәи ицәыргақәҵа «Нарҭаа рыҩны» аартра.    
Ешба Беслан Аԥыза-министр Делба Владимир ақыҭа адгылара аҭаразы аҳәынҭқарратә программа анагӡараан аусбарҭақәа русеицура алзыршо агәыԥ аԥҵара иазкыз иажәалагала дадгылеит.