АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Аҩаша, 06 Ажьырныҳәа 2026 18:31
Гәынба Бадра Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмаа лира амш лыдиныҳәалеит
Ашәахьа, 05 Ажьырныҳәа 2026 21:03
Ахада ажьырныҳәамзатәи ажәылара 33 шықәса ахыҵра иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 22:27
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 22:26
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 22:24
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Александр Анқәаб Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 17:47
Гәынба Бадра Сергеи Кириенко Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 17:30
Алан Гаглоев Гәынба Бадра Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 17:17
Дмитри Медведев Гәынба Бадра Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит
Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
▫️ Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
▫️ « Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,
▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!
▫️ Москвеи Аҟәеи реиҩызареи реигәылареи ҭоурыхла здац-ԥашә ӷәӷәоу апринципқәа рыла иеибаркуп. 2025 ш. рзы уи ҳара алшара ҳнаҭеит аполитикатә еиҿцәажәара ааиқәырхара, азеиԥш ԥшьгарақәа қәҿиарала рынагӡара. Агәра згоит, урыстәыла-аԥснытәи ганрацәалатәи аусеицура аԥхьаҟагьы қәҿиарала аҿиара шаиуа, ҳаиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьареи Нхыҵкавказ ашәарҭадара ауси рыҟны акрызҵазкуа рлагаламҭа аарԥшуа.
▫️ Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит, агәабзиара, анасыԥ, аихьӡара ҿыцқәа, Аԥсны иқәынхо атәылауаа зегьы - аҭынчреи аизҳазыӷьареи".
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 14:14
Владимир Путин Бадра Гәынба Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит
▫️ Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
▫️ Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
▫ ️ "Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,
▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса Иира аныҳәа лашеи.
▫ ️ Ииасуа ашықәс азы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгылареи астратегиатә усеицуреи реизыҟазаашьақәа қәҿиарала рыҿи ара мҩаԥысуан. Хәажәкырамзеи лаҵарамзеи рзы Москва ҳаиԥыларақәа акыр ихәарҭан, иалдыршеит ҳусеицураҿы еицыҳзыфеидоу ахырхарҭа ҿыцқәа разгәаҭара.
▫ ️ Ҳаргьы, ҳәарада, иконструктивтәу ҳусеицура иацаҳҵоит — урыстәылатәии аԥснытәии ажәларқәа реизҳазыӷьаразы, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршаразы.
▫️ Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, ишәзааигәоу шәҭынхацәагьы Шәаргьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, ақәҿиарақәа, Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы – анасыԥи аизҳазыӷьареи».
Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 13:36
Гәынба Бадра Владимир Путин Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит
Ашәахьа, 29 Ԥхынҷкәын 2025 01:22