ТЕЛЕГРАММЫ

Ахаша, 05 Хәажәкыр 2025 10:29

Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит

Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит.  Адныҳәаларатә цҳамҭа, ҷыдала иаҳәоит:  «Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәалхра.Ажәлар ргәазыҳәара аарԥшрала имҩаԥысыз алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира иаанарԥшит аԥснытәи атәылауаа аполитикаҩныҵҟатәи аҭышәынтәалареи инеиԥынкыланы атәыла асоциал-економикатә ҿиареи ралыршара иазынархоу Шәара шәполитикатә программа адгылара шарҭаз.  Агәра згоит Шәара шәнапхгарала урыстәыла-аԥснытәи аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара иацхраауа есааира ишыӷәӷәахало, ишыҿиало,  Башкорҭосҭан Ареспубликеи Аԥсни реимадара аҽшарҭбаало ҳажәларқәа еидызкыло аиҩызара аҵас бзиақәа шьаҭас иаҭаны.Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, агәабзиара, ахирра.»