ТЕЛЕГРАММЫ

Амҽыша, 01 Ԥхынҷкәын 2024 10:32

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәыла Ахада Башар Аль-Асади ҭелла реицәажәара

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асади ҭелла реицәажәара. Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Гәынба Бадра иҳәеит еидгылоу мраҭашәараа рыцхыраарала жәларбжьаратәи атеррористцәа еиҭа Шьамтәыла ражәлара инамаданы ажәлари анапхгареи адгылара шриҭо атәы."Ҳара шәтәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы ҳаҳауеит, ииашаны ақәԥаразы игылаз Шәара напхгара зышәҭо шәыжәлар ҳрыдгылоит. Шьамтәылатәи ажәлар ҳара иаҳзааигәоу аишьара ҳзызуа жәларуп», - иҳәеит Гәынба Бадра. "Сара агәра згоит Шьамтәыла ажәлар зегьы аӡәк еиԥш ишшәыдгыло аҳәынҭқарра аиқәырхаразы. Шәаргьы, шәаб еиԥш, шәыԥсҭазаара Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Шьамтәыла ажәлар, атәылаҿы аҭышәынтәалара аиқәырхара иазышәкит», - иаҵшьны иҳәеит Ахада ин.н. Гәынба Бадра. Уи иҳәеит «Шьамтәыла ажәлари, Урыстәыла дуӡӡеи рыбзоуарала Шьамтәылан хара имгакәа аҭынчра шьақәгылоит» ҳәа агәра шиго.     Ахада ин.н. шьамтәылатәи иколлега иеиҳәеит Шьамтәыла иҟоу ҳацҳаражәҳәарҭа ала Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа рышҟа ихы рханы аҳәара шыҟаиҵаз зҳәынҭқарра ахьчаразы игылаз ажәлар напхгара рызҭо Шьамтәыла ахада адгылара ирҭарц, аиаша иадгыларц азы.  Шьамтәыла Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵо адгыларазы. "Иҭабуп даара аҵак ду змоу шәажәақәа рзы. Сара сзы даара акраҵанакуеит аҭел шәахьысзасыз. Абри аҩыза имариам аҭагылазаашьаҟны аҩызцәа рыцхыраара - Урыстәыла, Аҧсны, Иран уҳәа егьырҭг атәылақәа рыҟнытә ҷыдала ахә аманы исыԥхьаӡоит»,- иҳәеит Башар Асад.«Атәылақәа жәпакы шәара ианшәықәыӷәӷәоз,  ҳарҭ ҳшәыдгылеит, избанзар еилаҳкаауан шәара шәыдгьыл аҟны аԥшәымара шыжәуа, аиаша шәара шәган аҟны ишыҟоу. Абри ауп иахьа мзызс иамоу шәара иҟашәҵо адгыларагьы», - иҳәеит Шьамтәыла Ахада. Асад иажәақәа рыла, ажәларқәа реиҩызара аламыси апринципқәеи рҟынтә иаауеит. «Мраҭашәара иҟаӡам урҭ апринципқәеи аламыси. Урыстәыла мраҭашәара  ахаангьы агрессиала иазныҟәаӡомызт, аха дара еснагь Урыстәыла иаҿагылоуп, иабашьуеит», - иҳәеит иаҵшьны Асад. Шьамтәылатәи Ахада иажәақәа рыла, иахьа абас еиԥш ақәылара ҟазҵаз ажәлар хьаас ирымаӡам. «Дара мраҭашәаратәи аҷыдамаҵзурақәа  ирхаҭарнакцәоуп. Ари терроруп, Москва Норд-Ост, Беслан ашкол, Кроку-сити аҟны аҭыҧ змаз, гәымбылџьбарала ауаа ахьыршьуаз имҩаԥыргоз ахаҭоуп»,- иҳәеит Шьамтәыла Ахада. Урҭ амораль рымаӡам, аиҿцәажәара аҭахуп ҳәа рыздырам, рыцҳарас  иҟоу, амч ауп ирдыруа, убри аҟнытә ҳара хамеигӡарада ҳарҿагылоит ҳтәылеи ҳажәлари рыхьчаразы,- иҳәеит Асад.Шьамтәыла Ахада Гәынба Бадреи Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩи иҭабуп ҳәа реиҳәеит  атәыла анапхгара адгыларазы иҟарҵаз ааԥхьаразы. Шәара шәашьцәа ҳтәыла ахақәиҭразы ашьа карҭәеит, урҭ патриотцәа дуқәоуп, Шьамтәылан ҳаҭыр зқәу тәылауаауп», - иҳәеит Асад.   .Шьамтәыла Ахада ицәжәараҿы иазгәеиҭеит цхыраарак рҭаххар, хымԥада, Аԥсныҟа адырра шыҟаиҵо азы. Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәыла Ахада Башар Асади аимадара шрыбжьазаауа еибырҳәеит.