ТЕЛЕГРАММЫ

Аԥшьаша, 31 Жьҭаара 2024 10:37

Аслан Бжьаниа Едуард Кокоиты ииубилеи идиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҩбатәи ахада Едуард Кокоиты 60 шықәса ихыҵра аиубилеи идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иазгәаҭоуп:         "Ҳаҭыр зқәу Едуард Џьаба-иԥа!         Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Шәара алада-уаԥстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны зылшамҭақәа рацәоу, еицырдыруа аҳәынҭқарратә аполитикатә усзуҩуп.Шәара Аԥсны ҳаҭырла ишәзыҟоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи рхьыԥшымра азхаҵара аԥхьа шәызнысыз амҩаҟны шәыжәҩахыр еибыҭаны шәеидгылан Сергеи  Багаԥшьи Шәареи. Шәара ишәыбжьаз хаҭалатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳажәларқәа риашьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауан. Иахьа Шәара ҳтәылаҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа азҿлымҳара ду ашәҭоит, ганрацәала адгылара ҟашәҵоит, Аԥсны ҩызара ду азыжәуеит.  Ҳаҭыр зқәу Едуард Џьабе-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа ишәзааигәоу шәҭынхацәа рыбжьара. Аԥхьаҟагьы шәыԥсҭазаара хҭыс бзиала иҭәызааит!"