ТЕЛЕГРАММЫ

Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 10:42

Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит Ҟабарда- Балкариатәи Ареспублика Ахада К. Коков

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит Ҟабарда- Балкариатәи Ареспублика Ахада К. Коков.Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!Гәык-ҧсыкала Шәаргьы аҧсуа жәларгьы ирыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра амш! Ари аныҳәа символра ауеит аҧсуа жәлар рыгәаӷьра, рфырхаҵара, зинтә шьаҭала ахақәиҭреи асуверенитети рыхьчара.Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аҳәынҭқаррра аргылара аус аҟны, асоциал- економика, акультура аҿиара аусхкқәа рыҟны акыр аихьӡарақәа аарҧшуп.Аҧсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы рҟны  аиҭакра бзиақәа ыҟоуп. Есышықәса ақалақьқәеи анхарҭақәеи рхаҿра рҿыцуп, аҿиарамҩа иануп асоциалтә, атранспорттә, атуристтә инфраструктура, ауааҧсыра рыбзазара акыр еиӷьхеит.Ҳарҭ ҳаигәырӷьоит Аҧсны иамоу ақәҿиарақәа, аҧхьаҟагьы ҳаиҩызара арӷәӷәара, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицзура ҳазхиоуп".