Амҽыша, 29 Цәыббра 2024 10:46
Никарагуа Ареспублика Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит
Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Сааведреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идырныҳәалеит.Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:«Акыр иаԥсоу Иҳашьоу, Ахада,Никарагуа Ареспбулика Ажәлари Аинаалареи Амилаҭтә Акреи Реиҳабыреи рыхьӡала, хаҭала ҳара ҳахьӡала гәык-ԥсык ала Шәаргьы, Ажәларгьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабырагьы ирыдыаҳныҳәалоит цәыббрамза 30 рзы иазгәашәҭо Аиааиреи Ахьыԥшымреи 31 шықәса рхыҵра амш. Лыԥха змоу, зхы иақәиҭу Никарагуантә Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵареи рмилаҭтә хақәиҭреи рзы рықәԥараҟны рфырхаҵареи ргәымшәареи ргәаларшәо, Аиааиреи Ахьыԥшымреи 31 шықәса рхыҵра амш аҽны ари аныҳәа азгәаҭараҟны ҳаргьы ҳшәыдгылоит.Ҳара даҽазныкгьы ишьақәырӷәӷәо, иаҳҳәарц ҳҭахуп наҟ-ааҟ ҳажәларқәеи Ҳаиҳабыреи еидызкыло хьаҳәа-ԥаҳәарада ҭоурыхла иҳабжьоу аиашьареи аиҩызареи аԥхьаҟагьы аҿиара шроууа.Акыр иаԥсоу Ҳашьа, никарагуатәи ажәлар ирашьоу Аԥсны жәлар ҳаҭырла ишырзыҟоу азгәаҭо, иашьаҵас шәгәыдаҳкылоит».