АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 04 Абҵара 2025 14:51

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра Атәылахьчара аминистрра даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра Атәылахьчара аминистрра даҭааит. Атәылахьчара аминистрраҟны иахьа Арбџьар мчқәа рыҟны ихыркәшахаз аҵарашықәс аихшьалақәа мҩаԥгахоит.

Аилатәара иалахәуп Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Ашәарҭадара Амаӡаныҟәгаҩ Лолуа Рауль, иара убас ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа.

 
Read 8 times Last modified on Аҩаша, 04 Абҵара 2025 14:58
aps25