АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 05 Абҵара 2025 17:37

Гәынба Бадра Жәлар ракзаара амш инамаданы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысыз аныҳәатә дкылара далахәын

 

Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, амассатә информациа ахархәагаҩцәа рхаҭарнакцәа уҳәа уб.егь.

 

▫️  Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Анапхгареи милаҭрацәала ишьақәгылоу ажәлари  Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.

▫️ «Ари амш Урыстәыла аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Уи символра азнауеит аидгылара, атәылауаҩратә ҭакԥхықәра, ажәлар рымч. 

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа милаҭрацәала иеилоу урыстәылатәи ауаажәларра ракзаароуп атәыла аҿиареи, адуреи, аиааирақәеи уасхырс ирзышьҭаз. Ари акзаара иабзоураны  Урыстәыла иалшеит аԥышәара дуқәа риааира, ахьыԥшымра ахьчара, ибеиоу акультуратә, адоуҳатә ҭынха аиқәырхара», — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

▫️ Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ари арыцхә аҭоурых ҳаҭырла агәаларшәара адагьы, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, аԥеиԥш бзиеи рыхьӡала аидгылара, ажәларқәа рыбжьара аҳаҭыреиқәҵара ҵакыс ишамоу.  

 

▫️ Гәынба Бадра иҭабуп ахиҳәааит Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи Аԥсны аганахьала иҟанаҵо ацхыраареи рзы.  

 

▫️ «Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәыла ԥсахрада Аԥсны аҿиаразы иҟанаҵо ацхыраара. Ари аиҩызара аҭоурыхтә ԥашәқәа ҵаулоуп, аусеицура иашазы ҿырԥшыга бзиоуп», — иҳәеит Ахада.

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа иазеиӷьеишьеит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.  

 
Read 8 times
aps25